Авикипедиа
abwiki
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0
MediaWiki 1.46.0-wmf.22
first-letter
Амедиа
Цастәи
Ахцәажәара
Алахәыла
Алахәыла ахцәажәара
Авикипедиа
Авикипедиа ахцәажәара
Афаил
Афаил ахцәажәара
Амедиавики
Амедиавики ахцәажәара
Ашаблон
Ашаблон ахцәажәара
Ацхыраара
Ацхыраара ахцәажәара
Акатегориа
Акатегориа ахцәажәара
TimedText
TimedText talk
Амодуль
Амодуль ахцәажәара
Event
Event talk
Кастро, Фидель
0
37740
163438
163430
2026-04-07T16:48:58Z
Fraxinus.cs
8381
/* Азхьарԥшқәа */
163438
wikitext
text/x-wiki
{{Акарточка аполитик}}
[[Афаил:Fidel_Castro_in_Washington_(cropped).jpg|мини|Фидель Алехандро Кастро]]
'''Фидель Алехандро Кастро''' ({{lang-es|Fidel Alejandro Castro Ruz}}; {{date|13|8|1926}}, Биран, Ориенте, [[Куба]] — {{date|25|11|2016}}, [[Гавана]], Куба) – кубатәи револиуционеруп, ҳәынҭқарратә, политикатә, партиатә усзуҩуп. Куба напхгара аиҭон 1959 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа.<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/world_history/text/5209181 |title=КА́СТРО РУС |access-date=2024-01-29 |archive-date=2022-10-21 |archive-url=https://web.archive.org/web/20221021085012/https://bigenc.ru/world_history/text/5209181 |url-status=dead }}</ref>
== Анысмҩа ==
Фидель Кастро – адунеи аҟны еицырдыруа акоманданте, ԥсахра зқәымыз кубаа раԥхьагыла, Куба ҩынҩажәи жәаба шықәса инеиҳаны напхгара аиҭон. Уи иусуреи иԥсҭазаареи акыр алегендақәа адҳәалоуп, урҭ лассы-лассы ишеиқәҿырымҭуагьы. Џьоукы Фидель Кастро дрыԥхьаӡон жәлары зегьы дырнапхгаҩны, даҽа џьоукы зегь реиҳа иџьбараз, игәымбылџьбараз диктаторны.
Фидель Кастро инысмҩа еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла ибеиоуп, иара иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны 600 инарзынаԥшуа ишьразы аҽазышәарақәа аҭыԥ роухьан. Фидель Кастро Кубатәи ареволиуциа даԥхьагылахеит, Еиду Америкатәи Аштатқәа зегь реиҳа ишәарҭаз ӷас иԥхьаӡон, СССР-и Кубеи ракәзар, аиадертәи аекономикатәи хеилак еицалан.<ref>https://24smi.org/celebrity/1248-fidel-kastro.html</ref>
== Ахәыҷреи ақәыԥшреи раамҭа ==
Фидель Кастро диит нанҳәамза 13, 1926 шықәсазы Кубатәи идуцәам апровинциатә қалақь Биран аҿы, адгьыл ақәаарыхҩи аҩныԥҳәыси рҭаацәара аҟны. Аԥхьаҟа атәыла анапхгаҩыс иҟалараны иҟаз Фидель иҭаацәа аҵара рымамызт аҟынтә, рыхшаз аҵарадырра бзиақәа ахьроурыз иашьҭан.
Фидель Кастро дхәыҷаахыс ихшыҩ даара ибзиан, агәынкылара ҷыда иман аҟынтә, аҵара ахьиҵоз ашкол аҟны аҵаҩцәа зегьы дреиӷьны ихы ааирԥшуан. Аҵара бзианы иахьиҵоз анаҩсгьы, даара амбициатә ҟазшьақәа иман, ареволиуциатә ҟазшьақәа иныԥшуан. Жәаха шықәса анихыҵуаз иаб иплантациа аҟны аусуцәа рықәгыларақәа ихы рылаирхәуан, уа иара аԥхьагыларатә позициақәа ааникылон.<ref>https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-fidel-kastro.html</ref>
1941 шықәсазы аԥхьаҟа кубаа раԥхьагылас иҟалараны иҟаз Фидель Кастро ибзиаӡаны ашкол далгеит, зыхьӡ нагаз аколлеџьгьы дҭалоит, уа иара еснагь ақәԥарақәа ирылахәыз иакәны дыргәалашәоит. Аколлеџь ашьҭахь Фидель Кастро Гаванатәи ауниверситет аиуристтә факультет дастудентхоит.
Истуденттә шықәсқәа раан ареволиуциатә шәҟәқәа рыԥхьара дагәыланахалоит, урҭ ареволиуционер иҟазшьақәа иларааӡон. Усҟан иара акоммунистцәа уиаҟара игәы иақәшәомызт, зны дыхәмарны иҳәеит: «Сталин ҳәа сзырҳәозар, сазыхиоуп!» ҳәа.
1950 шықәсазы Фидель Кастро азиндырҩы идиплом иоуит, ахатәы усгьы ааиртуеит, уи аусура ззырхаз амал змамыз ауаа рыцҳақәа азиндырратә цхыраара рзыҟаҵара акәын. Аԥхьаҟа командантес иҟалараны иҟаз Фидель жәлар рдукатс дҟалоит, иара ауааԥсыра амалаҳәа русқәа рыӡбара дахаҵгылон, уи иабзоураны ауаажәларра рҟны акыр адгылара иоуит.<ref>{{Cite web |url=https://warspot.ru/6840-kastro-yunost-komandante |title=Кастро: юность команданте |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-01-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240129200338/https://warspot.ru/6840-kastro-yunost-komandante |url-status=dead }}</ref>
== Аполитика ==
Фидель Кастро иполитикатә кариера ареволиуциатә ҟазшьа амоуп. Раԥхьа иара Куба жәлар Рпартиа далахәылахоит, уаантәи иара апарламент ахь анеира иҽазишәоит. Аха раԥхьатәи аҽазышәара лҵшәадахеит – иара икандидатура шьақәдмырӷәӷәеит арадикализм иахҟьаны. Анаҩс, иӡбоит даҽа мҩакы алхра, уи азын адиктатура иаҿагыланы иқәԥоз драԥхьагылахоит, урҭи иареи 1953 шықәсазы усҟантәи Куба ахадас иҟаз Фульхенсио Батиста иганахь ала ачарҳәара еиҿыркаауеит.
Амчрахь анеиразы ари аҽазышәарагьы лҵшәадахоит, ачарҳәара аан Фидель Кастро иҩызцәа аӡәырҩы ҭархан, ареволиуционер ихаҭа 15 шықәса иқәҵаны дҭакын.<ref>https://tass.ru/mezhdunarodnaya-panorama/3525452</ref>
Аха ҩышықәса ааҵхьаны, Фидель Кастро амнистиа дақәшәоит, абахҭа аҟынтә доужьын, уа дыҟан 22 мзы. Иаурыжьыз Фидель атәыла далҵит, Мексикаҟа нхара дцеит. Уа еиҿикаауеит ареволиуциатә ҵысра «Движение 26 июля» зыхьӡиҵаз, Батиста изырхаз ачарҳәара амш агәалашәаразы.
Ари аҵысра иалалеит усҟантәи аамҭазы еицырдыруаз ареволиуционерцәа аӡәырҩы, Ернесто Че Гевара иеиԥш иҟаз, иара убасгьы Кастро иашьа Рауль Кастро.
Фидель Кастро иԥсадгьыл ахь игьежьра иара изын еиԥш Куба жәлар рзынгьы илахьынҵатәхеит – ақәгылаҩцәа рырхәҭақәеи иареи ирылшеит Гавана анапахьы аагара, насгьы Батиста ирежим ахҳәара, уи Фидель Кастро алшара инаҭеит раԥхьа кубатәи архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩыс аҟалара, аамҭак анаҩс атәыла аԥыза-министр иҭыԥ аанкылара.<ref>https://www.istmira.com/drugoe-noveyshee-vremya/18906-fidel-kastro-rus-kratko.html</ref>
== Куба Аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы ==
20 шықәса инарзынаԥшуа аҳәынҭқарра анапхгараҭара иалагӡаны Фидель Кастро аҳәынҭқарра зегьы еиҭашьақәиргылеит – атәыла аамҭа кьаҿк иалагӡаны ишәҭит, еиҵыҵит, аекономика акәзар, даара ишьҭыҵит.
Куба ахада Фидель еиҳаракгьы дацклаԥшуан асоциалтә хырхарҭа аҟны аҿиара, амедицина ауааԥсыра рзын ихәыдаԥсадахеит, аҵарадырра аҳаракыра акәзар, 98% рҟынӡа ишьҭыхын. Иара убасҟан имҩаԥган ахатәы компаниақәа рмилаҭркра, насгьы СССР-и Кубеи «аиҩызаратә» еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵан.<ref>https://biographe.ru/politiki/fidel-kastro/</ref>
1962 шықәсазы адгьылбжьаха аҟны иқәыргылан асоветтә иадертә ракетақәа, уи иахҟьаны Еиду Америкатәи Аштатқәеи Кубеи реизыҟазаашьақәа бжьысит. Мраҭашәареи Кубеи реиӷарара иарҿиеит адгьылбжьаха аҟны Карибтәи акризис, уи иахҟьаны Кастро идгылаҩцәа аӡәырҩы атәыла аҟынтә ибналеит, америкаа ирыдгылеит.
Аха, ус шакәызгьы, кубаа рхада дызныз, адунеитә капитализм ақәхра ахырхарҭа амҩа дацәхьамҵит, уи адгылара аиҭон Ангола, Афганисҭан, Аладатәи Иемен, Ефиопиа, Сириа, Алжир, Никарагуа, Ливиа уҳәа адунеи ахԥатәи атәылақәа рҟны ареволиуциатә ҵысрақәа.
ԥшьынҩажәатәи ашықәсқәа ралагамҭазы Куба аекономикатә еизҳареи аҭышәынтәалареи аангылеит уҳәар алшоит, усҟан СССР ари атәыла афинансттә цхыраара азыҟаҵарагьы иаҟәыҵит. Ари аекономикатә кризис ахь икылнагеит, Кубагьы адунеи аҟны зегь реиҳа иӷарыз тәылахеит. Абарҭқәа ирыхҟьаны ауаа атәыла ааныжьны Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь нхара ҳәа ацара иалагеит, Куба акәзар, аоппозициа ахаҭарнакцәа Фидель Кастро ирежим ахҳәаразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара иалагеит.
Ҩ- нызқьи фба шықәсазы игәамбзиара иахҟьаны, кубаа раԥхьагыла изинмчқәа зегьы иашьа гәакьа Рауль Кастро инапы ианиҵар акәхеит, уи 2008 шықәсазы Куба анапхгаҩыс дагьыҟалоит, избанзар Фидель Кастро уаҳа атәылеи кубатәи аруааи напхгара рыҭара илшомызт.<ref>http://evolutio.info/ru/journal-menu/2016-3-4/2016-3-4-chelyadinsky</ref>
== Ишьразы аҽазышәарақәеи игәабзиареи ==
Фидель Кастро ишьразы аҽазышәарақәа инысмҩа аҟны зегь реиҳа излацәажәо хҭысқәоуп. Иҟоуп убас еиԥш аинформациа, Фидель Кастро Куба напхгара анеиҭоз аамҭеи, СССР-и иареи русеицуреи раан америкатәи ЦРУ 600-нтә инарзынаԥшуа иԥсҭазаара иалхразы аҽазышәарақәа ҟарҵеит ҳәа. Аха, иара убасгьы иҟоу адыррақәа рыла, арҭ ишьразы аҽазышәарақәа аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзын иааныркылон, адгьылбжьаха ҷыдалатәи агентцәа иаԥдырҟәҟәаауан. Фидель Кастро ишьра рҽазыршәеит аӡаҵаҟатәи ашәарыцара аан, атапанча хәыҷы арепортиор икамера иҭаргылан, иара убасгьы дызхоз асигарақәа ашҳам рыларҵахьан, аха акагьы рылымшеит.
2006 шықәсазы Фидель Кастро игәабзиара даара иуашәшәырахеит, аха уи адгьылбжьахабжа азы ҳәынҭқарратә маӡа дуун. Аха, ус шакәызгьы, кубаа раԥхьагыла иаӷацәа ирылшеит иара игәамбзиарақәа ртәы ауаажәларра рҟынӡа анагара, насгьы уи атәы ҳәан америкатәи ЦРУ ажәахәқәа руак аҟны.<ref>https://www.bbc.com/russian/features-38123339</ref>
Еилкаауп акы, 1998 шықәсазы Фидель Кастро ачымазара паркинсон дшаргәамҵуаз. Иара убасгьы, Кубантәи ибналаз иара иҳақьым еиҭеиҳәеит аполитик акьыба чымазарагьы шихьуаз, 1989 шықәсазы аԥҟарагьы шихигаз, ихы аҟны ашьеилалара иахҟьаны. Ас еиԥш адыррақәа ирыхҟьаны еицырдыруаз Куба акоманданте Фидель Кастро амассатә информациа ахархәагақәа изныкымкәа дыԥсит ҳәа рыларҳәахьан, аха нас иара иаалырҟьаны ауаажәларра рҟны даацәырҵуан, уи алагьы иара иԥсра иадҳәалаз амассатә цәажәарақәагьы еиԥхьирбон.
2014 шықәсазы Фидель Кастрои Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысуеит. Кубаа раԥхьагылеи Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистри реиԥылара ашьҭахь, Лавров иазгәеиҭеит Кастро имч-илша рацәак ишыҟам, аха уи иблақәа аԥсҭазаара ишазыҳәо, насгьы, иара дшырзыхиоу ареволиуциа ҿыцқәа рымҩаԥгара.<ref>https://www.maximonline.ru/longreads/_article/13-samykh-neveroyatnykh-popytok-ubit-fidelya-kastro/</ref>
== Фидель Кастро ихатәы ԥсҭазаара ==
Фидель Кастро ихатәы ԥсҭазаарагьы, игәабзиара еиԥш, иарку, имаӡоу темоуп ауаажәларра рзын. Идыруп иара иԥсҭазаара аҟны ишыҟаз хҩык бзиа иибоз аҳәса, урҭ ирыхшеит быжьҩык ахәыҷқәа, аха закәанла ииз ԥазаҵәык иоуп.
Фидель Кастро актәи иԥҳәыс Мирта Диас Баларт, Куба аиҳабыра рминистр Батиста иԥҳа лакәын. Уи Куба ахадас иҟалаз Фидель изын длыхшеит аԥа Фиделито, аамҭаказы аурыс ҭыԥҳа ԥҳәысс дызмаз.
Фидель Кастро аҩбатәи иԥҳәыс лакәын, 50-тәи ашықәсқәа раан гаванатәи аԥшӡа ҳәа иԥхьаӡаз, Нати Ревуельта, уи длыхшеит аԥҳа Алина. Кубаа раԥхьагыла ари иԥҳа данқәыԥшӡаз, маӡала испаниатәи атәылауаҩшәҟәы ҟаҵаны, Кубантәи Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь дыбналаны дцеит. Алина лгәалашәарақәа рыла, Кастро, ианеиҵаха, даҽа хәҩык ахшара иман, урҭ лыхшеит иара бзиа иибоз аԥҳәызба Делив Сото. Официалла Кастро ахԥатәи иԥҳәыс Селиа Санчес акыршықәса иара цхырааҩыс диман, аха лара 1985 шықәса рзын лҽылшьуеит.<ref>{{Cite web |url=http://www.cuba-vision.com/info/ |title=Интересные факты о Кубе |access-date=2024-01-29 |archive-date=2021-07-28 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210728040539/http://www.cuba-vision.com/info/ |url-status=dead }}</ref>
== Адинхаҵара ==
Фидель Кастро акатоликатә уахәама аҟны днаҭын. Иҟоуп убас еиԥш агәаанагара, иара анафема даҭан ҳәа, аха Фидель Кастро ауахәама иаҟәыгаразы ҭахра ҳәа ыҟамызт, избанзар усҟантәи аамҭазы аус ауан «акоммунистцәа ауахәама раҟәыгара» ҳәа изышьҭаз, азакәан рылеиҳәеит. Уи 1949 шықәса ԥхынгәымза аказы римтәи папа Пием XII, насгьы уи шьақәырӷәӷәан Акотоликатә уахәама акононтә зинқәа Ркодекс ала.
2012 шықәсазы, Фидель Кастрои римтәи папа Бенедикт XVI реиԥылара мҩаԥысуеит, Ватикан ари аиԥылара даара гәыкалатәи еицәажәарахеит ҳәа ахәшьара анаҭеит.<ref>https://life.ru/p/937750</ref>
== Фидель Кастро иԥсра ==
Фидель Кастро имазара зегьы, 2005-тәи ашықәсазы иҟаҵаз адыррақәа рыла, ишьақәнаргылеит 550 миллион доллар, даҽа шықәсык анаҩс ари амазара миллиардк аҟынӡа еизҳаит. Убри инамаданы, ажурнал Forbes агәаанагара ала уи адунеизегьы аҟны зегьы реиҳа амал змаз уаҩны дҟалеит. Убри аан кубаа реиҳабы мап ацәикуан аҳәынҭқарратә наплакқәа рҟынтәи ари амал ирҳаит ҳәа ирҳәоз, аха иара иԥшӡаны анхара бзиа ибон, уи ус шакәу дырҵабыргуеит, ихьӡала иҟаз хыԥхьаӡара рацәала аӷба маҷқәа, арезиденциақәа, насгьы зықьҩыла ахьчаҩцәа. Убри аан иара ихәыҷқәа ырқьынцыцны иааӡомызт – урҭ ирзыԥҵәаз афатәи изыхьчоз ауааи ракәын.
Абҵарамза 25, 2016 шықәса, 22 сааҭи 29 минуҭи рзы (Москватәи аамҭа ала иуҳәозар, абҵарамза 26, 6 сааҭки 29 минуҭи рзы) Фидель Кастро иԥсҭазаара далҵит. Кубатәи ареволиуционер акраамҭа дзыргәамҵуаз ичымазарақәа дырхыԥсааит. Иԥсра ашьҭахь, Фидель Кастро иаанижьыз иажәа инақәыршәаны, иԥсыбаҩ акремациа азун.<ref>https://www.interfax.ru/world/538693</ref>
== Агәалашәара ==
Фидель Кастро иашьа Рауль Кастро аҳәамҭа ҟаиҵеит, иашьа игәалашәара иазку усмҩаԥгатә ҳәа акгьы шыҟамло, избанзар Фидель ахӡыргара бзиа ибомызт ҳәа азгәеиҭеит.
Аха, Фидель Кастро ихьӡ ахуп Москватәи адәқәа руак, ақыҭа Ир, Ҩадатәи Уаԥстәыла амҩақәа руак, насгьы Забаикалтәи атәылаҿацә аҟны «Молодёжный» захьӡу Жәлар рҟазара ахан.
Кастро исахьа анын трофеила игаз америкатәи атанк, иара убасгьы 1967–1970 шш., 1972ш., 1978—1986шш., 1988ш., 1995ш., 2001—2005шш., 2007—2009 шықәсқәа рзы иҭыжьыз песок ицоз аԥарақәа Фидель исахьа рнын.<ref>http://history-doc.ru/fidel-alexandro-kastro-ruz/</ref>
== Аҳамҭақәеи ахьӡқәеи ==
Фидель Кастро акыр аҳамҭақәа ианашьан, насгьы ахьӡ ҳаракқәа ихҵан:
1963 шықәсазы М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет азиндырратә наукақәа ҳаҭыр зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ихҵан;
Парижтәи ауниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор;
2007 шықәса (UCI) – Кубатәи аинформациатә наукақәа руниверситет ҳаҭыр зқәу адоктор;
2008 шықәса – Боливиатәи ауниверситет «Эль Альто» ҳаҭыр зқәу адоктор;
2009 шықәса – Урыстәылатәи ахәаахәҭра-економикатә университет ҳаҭыр зқәу адоктор;
2003 шықәса, хәажәкырамза 8 рзы Фидель Кастро ианашьан Санта- Бригида аҳәса рберҭыԥ аорден иатәу акомандор Иекументә џьар;
2003 шықәса, нанҳәамза 31 рзы – «Орлиное перо»;
2007 шықәса, мшаԥымза 26 – ЦК КПРФ амедал «Октиабртәи ареволиуциа 90 шықәса ахыҵра»;
2016 шықәса, хәажәкырамза 21 – Аорден «Хосе Мартин» акавалер.<ref>{{Cite web |url=http://www.fidelcastro.cu/ru/reconocimientos/todos |title=Fidel – Soldado de las Ideas |access-date=2024-01-29 |archive-date=2024-01-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240129200341/http://www.fidelcastro.cu/ru/reconocimientos/todos |url-status=dead }}</ref>
==Азгәаҭақәа==
{{reflist}}
==Азхьарԥшқәа==
* [http://www.cuba.cu/gobierno/discursos/ Фидель Кастро иқәгыларақәа]
* [https://www.marxists.org/history/cuba/archive/castro/ Fidel Castro History Archive] ''[[Marxists Internet Archive]]-ҿы''
* [https://news.bbc.co.uk/2/hi/in_pictures/4392634.stm Fidel Castro: A Life in Pictures] – slideshow by ''[[BBC News]]''
* [https://www.npr.org/templates/story/story.php?storyId=5598311 Fidel Castro: From Rebel to El Presidente] – timeline by ''[[NPR]]''
* [https://www.cidob.org/lider-politico/fidel-castro-ruz Fidel Castro] – абиографиа (аиспаншәала)
{{Авторитет змоу адыррақәа}}
[[Акатегориа:Нанҳәамза 13 рзы ииз]]
[[Акатегориа:1926 шықәсазы ииз]]
[[Акатегориа:Абҵарамза 25 рзы иԥсыз]]
[[Акатегориа:2016 шықәсазы иԥсыз]]
[[Акатегориа:Фидель Кастро| ]]
[[Акатегориа:Куба ахадацәа]]
[[Акатегориа:Куба аԥыза-министрцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аполитикцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи ашәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи адукатцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи автобиографцәа]]
[[Акатегориа:Аҩадатәи Америкаҿы Америка иаҿагылоу ацәаныррақәа]]
[[Акатегориа:Аглобализациа иаҿагылоу активистцәа]]
[[Акатегориа:Асовет Еидгыла аус рыцызуа ауаа]]
[[Акатегориа:Кубатәи антисионистцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аекоактивистцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи апартизанцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи амарксисттә шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи амилаҭеилыхҩцәа]]
[[Акатегориа:Канартәи ахылҵшьҭра змоу кубауаа]]
[[Акатегориа:Галисиатәи ахылҵшьҭра змоу кубауаа]]
[[Акатегориа:Испаниатәи ахылҵшьҭра змоу кубауаа]]
[[Акатегориа:Кубатәи ареволиуционерцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аибашьцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи акоммунисттә партиа актәи амаӡаныҟәгаҩцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аминистрцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи ареволиуциаан ауаа]]
[[Акатегориа:Афиделизм]]
[[Акатегориа:Аҳәынҭқарратә хҳәарақәа рыла амчра знапаҿы иаазгаз анапхгаҩцәа]]
[[Акатегориа:Аҩада-америкатәи антиимпериалистцәа]]
[[Акатегориа:Алада-америкатәи антиимпериалистцәа]]
[[Акатегориа:Аибашьра хьшәашәа иалахәыз ауаа]]
[[Акатегориа:Аполитикатә шьрақәа ҟазҵаз]]
[[Акатегориа:Асовет Еидгыла аҳәаанырцәтәи Афырхацәа]]
[[Акатегориа:Ареспублика Афырхацәа (Аҩадатәи Кореиа)]]
hcb9im6fhh2i7xv28gr5232kykc800p
Акатегориа:Еритреиа аҭоурых
14
51885
163443
163039
2026-04-07T17:04:05Z
Fraxinus.cs
8381
163443
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|History of Eritrea}}
{{Cat main}}
[[Акатегориа:{{Title country}}|ҭоурых]]
[[Акатегориа:Аҭоурых атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:{{Country2continental|{{Title country}}}} атәылақәа рҭоурых]]
[[Акатегориа:Мрагыларатәи Африка аҭоурых атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:Африка Абыкь аҭоурых]]
gqwvqtjvcp21piusoou14ya76t0vati
Первомаискаиа (астанциа)
0
52073
163432
2026-04-07T13:28:50Z
Danvintius Bookix
10257
Новая страница: ««'''Первомаискаиа'''» (аур. Первомайская) — ари [[Донтәи Ростов]] иҟоу астанциа ауп. Иаартын 1951 шықәсазы. Астанциа ақалақь амраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылоуп, уи аиндустриалтә усхырҭақәа маҵзура рынаҭоит. 2006 шықәса инаркны абра иаангылоит арыцхә хара ицо ама...»
163432
wikitext
text/x-wiki
«'''Первомаискаиа'''» (аур. Первомайская) — ари [[Донтәи Ростов]] иҟоу астанциа ауп. Иаартын 1951 шықәсазы.
Астанциа ақалақь амраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылоуп, уи аиндустриалтә усхырҭақәа маҵзура рынаҭоит. 2006 шықәса инаркны абра иаангылоит арыцхә хара ицо амашьынақәа (апоездқәа), иара убас астанциаҿы атерминал ҿыц аргылан.
qt1glribyupknkep0fyob6skf4i3az0
163433
163432
2026-04-07T13:29:15Z
Danvintius Bookix
10257
163433
wikitext
text/x-wiki
«'''Первомаискаиа'''» (аур. Первомайская) — ари [[Донтәи Ростов]] иҟоу астанциа ауп. Иаартын 1951 шықәсазы.
Астанциа ақалақь амраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылоуп, уи аиндустриалтә усхырҭақәа маҵзура рынаҭоит. 2006 шықәса инаркны абра иаангылоит арыцхә хара ицо амашьынақәа (апоездқәа), иара убас астанциаҿы атерминал ҿыц аргылан.
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аихамҩа]]
n79wkr10v5r7cukd1hgrchobhtrnacb
163434
163433
2026-04-07T13:31:29Z
Danvintius Bookix
10257
163434
wikitext
text/x-wiki
[[File:Pervomayskaya-RND.jpg|250px|right|thumb|Астанциа атерминал]]
«'''Первомаискаиа'''» ({{lang-ru|Первомайская}}) — ари [[Донтәи Ростов]] иҟоу астанциа ауп. Иаартын 1951 шықәсазы.
Астанциа ақалақь амраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылоуп, уи аиндустриалтә усхырҭақәа маҵзура рынаҭоит. 2006 шықәса инаркны абра иаангылоит арыцхә хара ицо амашьынақәа (апоездқәа), иара убас астанциаҿы атерминал ҿыц аргылан.
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аихамҩа]]
rehuyj6i1hdfcnp5j2n0z5aovz867yr
163435
163434
2026-04-07T13:32:19Z
Danvintius Bookix
10257
163435
wikitext
text/x-wiki
[[File:Pervomayskaya-RND.jpg|250px|right|thumb|Астанциа атерминал]]
«'''Первомаискаиа'''» ({{lang-ru|Первомайская}}) — ари [[Донтәи Ростов]] иҟоу астанциа ауп. Иаартын 1951 шықәсазы.
Астанциа ақалақь амраҭашәаратәи ахәҭаҿы игылоуп, уи аиндустриалтә усхырҭақәа маҵзура рынаҭоит. 2006 шықәса инаркны абра иаангылоит арыцхә хара ицо амашьынақәа (апоездқәа), иара убас астанциаҿы атерминал ҿыц аргылан.
==Азхьарԥшқәа==
* [https://101hotels.com/recreation/russia/rostov-na-donu/stations/railway/stanciya_pervomayskaya Станция Первомайская]
[[Акатегориа:Урыстәылатәи аихамҩа]]
3u13i6ipadoivkoo8bm0ews6mtbxnnv
Акатегориа:Фидель Кастро
14
52074
163436
2026-04-07T16:48:27Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|Fidel Castro}} {{Cat main}} [[Акатегориа:Кубатәи ареволиуционерцәа]] [[Акатегориа:Афиделизм]] [[Акатегориа:Кубатәи аполитикцәа]] [[Акатегориа:Кубатәи ареволиуциаан ауаа]] [[Акатегориа:Куба ахадацәа]] [[Акатегориа:Куба аԥыза-министрцәа]] [[Акатегориа:Кубауаа|*]] ...»
163436
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Fidel Castro}}
{{Cat main}}
[[Акатегориа:Кубатәи ареволиуционерцәа]]
[[Акатегориа:Афиделизм]]
[[Акатегориа:Кубатәи аполитикцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи ареволиуциаан ауаа]]
[[Акатегориа:Куба ахадацәа]]
[[Акатегориа:Куба аԥыза-министрцәа]]
[[Акатегориа:Кубауаа|*]]
[[Акатегориа:Кубатәи адукатцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи автобиографцәа]]
[[Акатегориа:Аҩадатәи Америкаҿы Америка иаҿагылоу ацәаныррақәа]]
[[Акатегориа:Аглобализациа иаҿагылоу активистцәа]]
[[Акатегориа:Асовет Еидгыла аус рыцызуа ауаа]]
[[Акатегориа:Кубатәи антисионистцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аекоактивистцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи апартизанцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи амарксисттә шәҟәыҩҩцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи амилаҭеилыхҩцәа]]
[[Акатегориа:Канартәи ахылҵшьҭра змоу кубауаа]]
[[Акатегориа:Галисиатәи ахылҵшьҭра змоу кубауаа]]
[[Акатегориа:Испаниатәи ахылҵшьҭра змоу кубауаа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аибашьцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи акоммунисттә партиа актәи амаӡаныҟәгаҩцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи аминистрцәа]]
[[Акатегориа:Аҳәынҭқарратә хҳәарақәа рыла амчра знапаҿы иаазгаз анапхгаҩцәа]]
[[Акатегориа:Аҩада-америкатәи антиимпериалистцәа]]
[[Акатегориа:Алада-америкатәи антиимпериалистцәа]]
[[Акатегориа:Аибашьра хьшәашәа иалахәыз ауаа]]
[[Акатегориа:Аполитикатә шьрақәа ҟазҵаз]]
[[Акатегориа:Асовет Еидгыла аҳәаанырцәтәи Афырхацәа]]
[[Акатегориа:Ареспублика Афырхацәа (Аҩадатәи Кореиа)]]
jcp5kabkglr5gzy6nlwfula7qkldg3c
163437
163436
2026-04-07T16:48:41Z
Fraxinus.cs
8381
163437
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Fidel Castro}}
{{Cat main}}
[[Акатегориа:Кубатәи ареволиуционерцәа]]
[[Акатегориа:Афиделизм]]
[[Акатегориа:Кубатәи аполитикцәа]]
[[Акатегориа:Кубатәи ареволиуциаан ауаа]]
[[Акатегориа:Куба ахадацәа]]
[[Акатегориа:Куба аԥыза-министрцәа]]
[[Акатегориа:Кубауаа|*]]
lj73b4gxi0xuzifo16k013ncotzh53w
Иосиф Сталин
0
52075
163439
2026-04-07T16:57:47Z
Fraxinus.cs
8381
Перенаправление на [[Сталин, Иосиф Виссарион-иԥа]]
163439
wikitext
text/x-wiki
#перенаправление [[Сталин, Иосиф Виссарион-иԥа]]
c7viuxl4n1o6f2uoxs3wuaja6seqgov
Акатегориа:Афиделизм
14
52076
163440
2026-04-07T17:01:31Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Cat main}} {{DEFAULTSORT:фиделизм}} [[Акатегориа:Амарксисттә хәыцра ашколқәа]] [[Акатегориа:Куба аполитикатә ҭоурых]] [[Акатегориа:Иеихьӡылоу аполитикатә идеологиақәа]] [[Акатегориа:Амарксизм-ленинизм]] [[Акатегориа:Ахԥатәи адунеитәра]]»
163440
wikitext
text/x-wiki
{{Cat main}}
{{DEFAULTSORT:фиделизм}}
[[Акатегориа:Амарксисттә хәыцра ашколқәа]]
[[Акатегориа:Куба аполитикатә ҭоурых]]
[[Акатегориа:Иеихьӡылоу аполитикатә идеологиақәа]]
[[Акатегориа:Амарксизм-ленинизм]]
[[Акатегориа:Ахԥатәи адунеитәра]]
p8nrbu932a809i6kz5yvk0nf70rzns5
Акатегориа:Куба аполитикатә ҭоурых
14
52077
163441
2026-04-07T17:02:07Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « [[Акатегориа:Аполитикатә ҭоурых атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Title country}} аполитика|ҭоурых]] [[Акатегориа:{{Title country}} аҭоурых атематикала|политикатә ҭоурых]] [[Акатегориа:{{Country2continental|{{Title country}}}} аполитикатә ҭоурых атәылақәа рыла]]»
163441
wikitext
text/x-wiki
[[Акатегориа:Аполитикатә ҭоурых атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:{{Title country}} аполитика|ҭоурых]]
[[Акатегориа:{{Title country}} аҭоурых атематикала|политикатә ҭоурых]]
[[Акатегориа:{{Country2continental|{{Title country}}}} аполитикатә ҭоурых атәылақәа рыла]]
tqyyh5dw04rbl6g2wmuehx8t27nib13
Акатегориа:Куба аҭоурых атематикала
14
52078
163442
2026-04-07T17:02:56Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} [[Акатегориа:{{Title country}} аҭоурых| тематикала]] [[Акатегориа:Аҭоурых атәылақәа рылеи атематикалеи]] [[Акатегориа:{{Country2continent|{{Title country}}}} аҭоурых атематикала| ]]»
163442
wikitext
text/x-wiki
{{Аконтеинер акатегориа}}
[[Акатегориа:{{Title country}} аҭоурых| тематикала]]
[[Акатегориа:Аҭоурых атәылақәа рылеи атематикалеи]]
[[Акатегориа:{{Country2continent|{{Title country}}}} аҭоурых атематикала| ]]
a6t9xsj0n4exzw8c5idfpcfnnr2q15q
Акатегориа:Куба аҭоурых
14
52079
163444
2026-04-07T17:08:04Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|History of Cuba}} {{Cat main}} [[Акатегориа:{{Title country}}|ҭоурых]] [[Акатегориа:Аҭоурых атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:{{Country2continental|{{Title country}}}} атәылақәа рҭоурых]] [[Акатегориа:Карибтәи амшын аҭоурых атәылақәа рыла]] [[Акатегориа:Адгьылбжьахақәа рҭоурых]]»
163444
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|History of Cuba}}
{{Cat main}}
[[Акатегориа:{{Title country}}|ҭоурых]]
[[Акатегориа:Аҭоурых атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:{{Country2continental|{{Title country}}}} атәылақәа рҭоурых]]
[[Акатегориа:Карибтәи амшын аҭоурых атәылақәа рыла]]
[[Акатегориа:Адгьылбжьахақәа рҭоурых]]
9h43ta24nxrea39duq78llq3xgyfsel
Акатегориа:Карибтәи амшын аҭоурых атәылақәа рыла
14
52080
163445
2026-04-07T17:22:42Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} {{Category see also|Карибтәи амшын аҭоурых ихьыԥшу атерриториақәа рыла}} [[Акатегориа:Аҩада-америкатәи атәылақәа рҭоурых|-]] [[Акатегориа:Карибтәи амшын аҭоурых| тәылақәа]] [[Акатегориа:Карибтәи амшын атәылақәа| ҭоурых]]»
163445
wikitext
text/x-wiki
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{Category see also|Карибтәи амшын аҭоурых ихьыԥшу атерриториақәа рыла}}
[[Акатегориа:Аҩада-америкатәи атәылақәа рҭоурых|-]]
[[Акатегориа:Карибтәи амшын аҭоурых| тәылақәа]]
[[Акатегориа:Карибтәи амшын атәылақәа| ҭоурых]]
rpm9gmv1fh700850j2k0b968v3m3p50